Азиеи Аокеан ҭынчи атәылақәа рекономикатә саммит аусмҩаҧгатә хадақәа иахьа иалагоит
Азиеи Аокеан ҭынчи атәылақәа рекономикатә саммит аусмҩаҧгатә хадақәа иахьа иалагоит

Филлипинқәа рыҳҭнықалақь Манилаҿ Азиеи Аокеан ҭынчи атәылақәа рекономикатә саммит аусмҩаҧгатә хадақәа иахьа иалагоит. 31тәи асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны аусмҩаҧгатәқәа иофициалым ахәҭа абҵара 10 рзы алагеит. Аха ахәҭа хада абҵара 13-14 рзы имҩаҧысуеит.

Филлипинқәа рнапхгарала, Азиеи Аокеан ҭынчи атәылақәа рекономикатә саммит ҩынтә имҩаҧысуеит. Сынтәа мшаҧы мзазы асаммит рхы аладырхәит  APEC алидерцәа мацара.  Уажәы имҩаҧысуа аиҧыларақәа рхы аладырхәоит атәыла алидерцәагьы. 

Ладамрагыларахьтәи Азиа атәылақәа реиҿкаара ишьаҭакын 1976 шықәса нанҳәа 8 рзы Бангкок. Раҧхьаза ари аилазаара иалан Индонезиа, Малаизиа, Сингапур, Таилан, Филлипинқәа. Ҧыҭраамҭак ашьҭахь аилазаара иалалеит Брунеи, Лаос, Мианмар, Камбоџьа.

Асаммит рхы аладырхәоит 20 ҳәынҭқаррак рлидерцәа. Урҭ дреиуоуп ЕАШ ахада Дрнальд Трамп, Урыстәыла ахада Владимир Путин, Иапониа Аҧыза-министр Синӡо Абе, Канада Аҧыза-министр Џьастин Триудо.