Сулхан Ҭамазашвили Ермантәылаҟа дцеит
Сулхан Ҭамазашвили Ермантәылаҟа дцеит
Ермантәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Арпине Сарксиан иҟаиҵаз ааԥхьарала, Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Сулхан Тамазашвили, аделегациа ицны, Ареспублика Ермантәыла аофициалтә визит азы дцеит.
Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз адыррақәа рыла, аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Сулхан Тамазашвили Ермантәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Арпине Саркисиани иареи ҩганктәи аиԥылара мҩаԥигоит, иара убас, Ермантәыла аполициа аҟәшақәа дырҭаауеит.
Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, иара убас, Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Ермантәыла Ареспублика аԥыза-министр Никол Пашиниани Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә Маҵзура анапхгаҩы Андраник Симониани рԥылара азԥхьагәаҭоуп.