Иракли Кобахиӡе Ҟазахстан аԥыза-министр Олжас Бектенов диԥылеит
Иракли Кобахиӡе Ҟазахстан аԥыза-министр Олжас Бектенов диԥылеит
Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Ҟазахсҭан Ареспублика аԥыза-министр Олжас Бектенов диԥылеит.
Қырҭтәыла анаԥхгара ахада иазгәеиҭеит, Астратегиатә еиҩызара азы Адекларациа анапаҵыҩра аҩҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа рҿы ахаҭабзиара аганахьала иҿыцу аетап алагамҭоуп, уи аринахысгьы аполитикатәи аекономикатәи усеицура арҵаулара иацхраауеит ҳәа.
Иазгәаҭан, аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аусхкқәа рыла аусеицуразы амеморандумқәа ишьақәдыргылоит асектортә еимадара аринахыстәи аҿиаразы ашьаҭа бзиа.
Ҟазахстанҟа ҳҭаара иҷыдоу аҵакы амоуп, избан акәзар ҳара ҳнапы аҵаҳҩит астратегиатә еиҩызара азы адекларациа. Қырҭтәыла азы акыр зҵазкуа партниоруп. Ҟазахстан аконституциа амодернизациеи арӷәӷәареи рзы даара угәы иахәоит. Ҳара аекономикатә еизыҟазаашьақәа рыҿиара аганахьала апотенциал ду ҳамоуп, насгьы агәра ганы ҳаҟоуп ари аҭаареи астратегиатә еиҩызара азы аиқәшаҳаҭреи ҳҩганктәи аусеицура арҵауларазы алшарақәа ҿыцқәа шаԥнаҵо», – ҳәа иазгәеиҭеит Иракли Кобахи.
Ҟазахсҭан Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр Қырҭтәыла анаԥхгара ахада Ҟазахсҭан иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭа ианашьара идиныҳәалеит, иара убас аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аекономикатә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы арҵауларазы еицырзеиԥшу аԥшьгара ҿыцқәа рынагӡара иамоу аҵакы далацәажәеит.
“Ҳаҭыр зқәу аԥыза-министр, Шәара шәофициалтә ҭаара Ҟазахсҭани Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рыҿиара шьақәнарӷәӷәоит, насгьы даҽазныкгьы иазгәанаҭоит аполитикатә диалог, агәреибагара, аусеицура ӷәӷәа. Ҟазахстан иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭа – Аиҩызара аорден аиура, Қырҭтәыла Аҩадатәи Кавказ аҿы акыр зҵазкуа астратегиатә партниор ҳәа иԥхьаӡоуп. Ҳазҭоу ашықәс раԥхьатәи аԥшьымз рыҩныҵҟа аҩганктәи ахәаахәҭратә еиҭныԥсахлара 53 миллион Америкатәи доллар ҟалеит, уи еилыкка иаанарԥшуеит иҳаҩсыз ҩажәа шықәса ирылагӡаны Ҟазахстанынтәи Қырҭтәылаҟа инвестициақәа 570 миллион Америкатәи долларқәа иреиҳаны ишыҟоу. Аинвестициатә усура арӷәӷәаразы, аҳәынҭқаррабжьаратәи акомиссиа еицырзеиԥшу апроект ҿыцқәа ралагареи анаплакытә усеицура арҭбаареи рзы ажәалагалақәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭара ҟалоит абарҭ ахырхарҭақәа рахь: ачысмаҭәа, ааглыхратә усхкқәа. Ҟазахстан аҳәынҭқарра Қырҭтәыла аҳәынҭқарреи адиалоги апрактикатә усеицура арҵаулара иазхиоуп», – ҳәа иҳәеит Олжас Бектенов.
Қырҭтәылеи Ҟазахсҭани рԥыза-министрцәа инарҭбаау реиԥылара рхы аладырхәит аҩҳәынҭқаррак рнаԥхгара алахәылацәа.
Абри атәы аанацҳауеит Қырҭтәыла аԥыза-министр ипресс-маҵзура.