Екатерина Иванишвили Ека Купатаӡе лахь асаламшәҟәы шьҭылхуеит – Сара гәык-ԥсык ала шәрыцҳасшьоит, ишәыхьыз арыцҳара ду сгәы иалсит
Екатерина Иванишвили Ека Купатаӡе лахь асаламшәҟәы шьҭылхуеит – Сара гәык-ԥсык ала шәрыцҳасшьоит, ишәыхьыз арыцҳара ду сгәы иалсит.
Биӡина Иванишвили иԥшәмаԥҳәыс Екатерина Иванишвили Ека Купатаӡе иршьыз иҷкәын иан лысалам шәҟәы аҭак ҟалҵеит. Иванишвили иазгәалҭеит, лара лгәыӷуеит, зыӡбахә ҳәоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа аусеилыргара мҩаԥыргоит, насгьы аҭагылазаашьақәа зегьы инарҵауланы иҭырҵаауеит ҳәа.
“Ҳ.з. Ека, гәык-ԥсык ала сшәыдышшылоит, шәгәырҩа ду шәцеиҩысшоит. Сара издыруеит, ахәыҷы дызцәыӡыз ан лхьаа ажәала ишырхымго, аха ижәдыруазар сҭахуп, абри агәырҩа шәара шәзаҵәым, насгьы атәылаҿы инхо ақырҭуа анацәа зегьы шәара ишәыцгәырҩоит.
Сара сахь иҟашәҵаз ааԥхьара иазкны, излаздыруа ала, аусеилыргара макьана ихыркәшаӡам.” “Сара агәра згоит, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа инарҵауланы аусеилыргара шымҩаԥырго, насгьы аҭагылазаашьақәа зегьы ибзианы ишҭырҵаауа, шәара ишәзыҟалаз арыцҳара ду иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы ҭакда ишыҟамло. Даҽа анк лзы анк лаҳасабала, даҽа ԥҳәыск лзы аԥҳәыс лаҳасабала, адоуҳатә ӷәӷәареи, агәамчи, агәҭынчреи шәзеиӷьасшьоит», – аҳәоит Екатерина Иванишвили лысалам шәҟәы аҿы.
Иаҳгәалаҳаршәап, мышкы раԥхьа Биӡина Иванишвили иҩны дыҟан, Ека Купатаӡе, иршьыз арҵаҩы Гиги Авалиани иан, иԥҳәыс Екатерина Иванишвили лахь ажәа ҟалҵеит.
– Екатерина, издыруеит, бзиабарала иҭәу ан шуакәу. Убри аҟнытә, иахьа Биӡина Иванишвили иҩны акәымкәа, ахәыҷқәа ран, ԥшьҩык ахәыҷқәа зааӡаз аԥҳәыс лыҩны сааит. Сара арахь сназгазеи?
Уара аҭоурыхтә шьаҿа ҟауҵароуп, насгьы сара сганахь угылазароуп — ан лгәырҩа лҟнытә ан леиԥш. Гиги Авалиани изы аамҭа ԥҵәахом! Иарбанзаалак мчык мчыла сышьҭахьҟа схьамҵуа. Сшәыҳәоит шәсыдгыларц. Бҭак сазыԥшуп.
Ари жәашықәсала Қырҭтәыла зегь реиҳа зыӡбахә ҳәоу усуп. Уаанӡа аҵкысгьы ауаажәларра еидгылоуп, зегьы хшыҩзышьҭра дула имҩаԥысуа ахҭысқәа ирыхәаԥшуеит, лупа ала еиԥш детальцыԥхьаӡа иҭырҵаауеит. Уажәы, агха маҷкгьы аҳәынҭқарра аҳаҭыр азы ихәарҭахом. Сара шәҭак сазыԥшуп, агәра ганы сыҟоуп уи иашаны, иҟәыӷаны ишыҟало. Шәыдгылара азы агәыӷра сымоуп, Екатерина Хведелиӡе», – Ека Купатаӡе лажәақәа .