Гиви Миқанаӡе – Цәыббра инаркны,Қырҭтәыла, аҳәынҭқарра аҵара аҩаӡарақәа зегьы хәыда-ҧсада ахьеиқәнаршәо атәылақәа реиқәыҧхьаӡа иацлоит
Абри алҵшәеи аӡбареи аҭоурыхтә ҵакы амоуп. Анапхгаратә гәыҧ аполитхеилак иаднакылаз аӡбара инақәыршәаны, цәыббра инаркны,Қырҭтәыла, аҳәынҭқарра аҵара аҩаӡарақәа зегьы хәыда-ҧсада ахьеиқәнаршәо атәылақәа реиқәыҧхьаӡа иацлоит, – иҳәеит Қырҭтәыл аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр Гиви Миқанаӡе Қырҭтәыла Актәи аканал адырраҭара „Адискуссиа актуалтә темазы“ аҿы.
Миқанаӡе иҳәамҭала, 2013 шықәсанӡа ахәыҷбаҳчақәагьы ахәҧса рықәын.
„Ҳполитикатә гәыҧ аполиткиатә аӡбара рыдыркылеит ахәыҷбаҳчақәа хәыда-ҧсада иҟазарц азыҳәан,убри ашьҭахь ахәыҷқәа ррегистрациа азҳаит 30 наӡынала. 2013шықәсанӡа ахәыҷқәа рацәаны ахәыҷбаҳчашҟа иныҟәомызт. Ашколгьы хәыҧсада аус ауеит. 2014 шықәса инаркны ашколхәыҷқәа амалаҳа арҵагашәҟәқәа роуеит. Азанааҭтә аҵарагьы2013 аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи аколлеџьқәа рҿы аҳәынҭқарратә ваучер асистемала аҳәынҭқарра аҧара азоунажьҭуеит. Уажәшьҭа иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿгьы амалаҳа аҵара ҟалоит. Убри аҟынтә2013 аҳәынҭқарра2013 аҵара аҩаӡарақәа зегьы рҿы аҵара алшара еиқәнаршәоит. Ауаҩы аҵара иҵар иҭахызар, амотивациеи ахықәки имазар, ҳара иҳалшо ала ҳицхраауеит“, – иҳәеит Гиви Миқанаӡе.
Аминистр иҳәамҭала, Иаку амилаҭтә ҧышәарақәа рзы арегистрациа иахысит 43 000ҩык иреиҳаны абитуриентцәа, урҭ реиҳара аҳәынҭқарратә университетқәа ирҭалар рҭахуп.