Гека Гелаӡе Ермантәыла адәныҟатәи аԥшыхәратә маҵзура аиҳабы Кристин Григориан дылԥылеит
Гека Гелаӡе Ермантәыла адәныҟатәи аԥшыхәратә маҵзура аиҳабы Кристин Григориан дылԥылеит.
Ереван аофициалтә визит аан, Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аиҳабы Гека Гелаӡе Ермантәыла Ареспублика адәныҟатәи аԥшыхәратә усбарҭа анаԥхгаҩы Кристин Григориан дылԥылеит.
Аганқәа Аахыҵ-Кавказтәи арегион аҿы иҟоу ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа иалацәажәеит.
Гека Гелаӡе иазгәеиҭеит, иахьатәи адунеизегьтәи аԥышәарақәа инарықәыршәаны, аҩ-ҳәынҭқаррак рмаҵзурақәа рыбжьара иааигәоу аусеицура арегион аҿы ашәарҭадара аиқәыршәаразы акырӡа шаҵанакуа; Аганқәа ари аусеицура еиҳагьы арӷәӷәара ишазхиоу шьақәдырӷәӷәеит.
Аиԥылара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура анаԥхгаҩы ихаҭыԥуаҩцәа Ҭамаз Борашвили Александр Маисураӡеи, аԥшыхәратә усбарҭа анаԥхгаҩы Михаил Ӡагниӡеи.
Абри атәы адырра ҟанаҵеит Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура.