Ауаажәларратә крыфарҭақәа рҿы аклиектцәа апластикатә ҧатлыкақәа рыла арыжәтә рызнагара ақәиҭымра ииагоуп 2031 шықәса жәабран аҟынӡа
Ауаажәларратә крыфарҭақәа рҿы аклиентцәа апластикатә ҧатлыкақәа рыла арыжәтәи рызнагара ақәиҭымра аҿҳәара ҧшьышықәса рыла ииагоуп. Ари атәы аарыцҳаит Аҧсабаратә лагылазаара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рминистрра аҟынтәи.
Аминистрра адыррақәа рыла, ақәиҭымтәра амч аиуеит 2031 шықәса жәабран 1 инаркны.
«Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара инақәыршәаны, ари ақәиҭымтәра амч аиур акәын 2026 шықәса хәажәкыра 12 рзы. Ақәиҭымра аҿҳәара аиагаразы аӡбара рыдыркылеит хазхаҭалатәи асектори абизнес-ассоциациақәеи рҟны аконсультациақәа рышьаҭала», — иануп аминистрра аинформациаҿы.