Қырҭтәыла 3.3 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит
Қырҭтәыла 3.3 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит

Адгьылҭҵааратә наукақәа ринститути асеисологиатә мониторинг азы амилаҭтә центри рҟынтә ишаарыцҳаз ала, иахьа Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит.

3.3 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра қарҭтәи аамҭала асааҭ 08:56 рзы ҟалеит.

Адгьылҵысра аепицентр Ниноҵминда ақалақь аҟынтә 25 км иацәыхараны, Самеба ақыҭаҿ иҟан.