Мамука Бахтаӡе- сгәы иаанагоит, уажәы азы сара смиссиа насыгӡеит
Мамука Бахтаӡе- сгәы иаанагоит, уажәы азы сара смиссиа насыгӡеит

 

 

Мамука Бахтаӡе иахьа иалаирҵәаз аҳәамҭа аҟны иааирҧшит, Аҧыза-министр иҭыҧ ззаанижьуа  амзыз. Мамука Бахтаӡе иҩуеит, иара игәаанагарала, имиссиа уажәы азы инаигӡеит.

„ 2018 шықәсазы Қырҭтәыла аҧыза-министр  иҭыҧ аҟны сара скандидатура ақәыргылареи, амандат хадеи , атәыла аҿиареи, астратегиатә рамка арҕәҕәареи, аларҵәареи , анаҩс уи  дара  зегьы иацхыраарц ҳара ҳҳәынҭқарра ахықәкырақәа рынагӡараҿы. Иҟаларц  ҳтәыла  аҿиара напхгаҩыс. Аҿиаратә астратегиатә  арамка ишьақәырҕәҕәоуп, иаларҵәоуп, убри аҟнытә исыӡбит иааныскыло аҭыҧ аансыжьырц, избанзар исыҧхьаӡоит сара смиссиа уажәы азы инасыгӡеит ҳәа.

Сара сзы ипату дуын , насгьы иҭакҧхықәран, Қырҭтәыла Аҧыза-министр иранг ала стәыла аинтиресқәа рыхьчара.

Сара сыҟан, сыҟазаауеит “Ақырҭуа агәыхәтәы “ агәыҧ алахәылаҩыс, ҳтәыла иазгәыку уаҩны „ , –  иҳәит Мамука Бахтаӡе.

Мамука Бахтаӡе Қырҭтәыла Аҧыза-министрс , апарламент 2018 шықәса лаҵара 20 рзы дшьақәнарҕәҕәеит. 2017 шықәса абҵара 13 инаркны 2018 шықәса рашәаранӡа Мамука Бахтаӡе Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрс дыҟан. Министрс дҟалаанӡа, Қырҭтәыла аихамҩа адиректор хадас аус иуан.