Азербаиџьан ахада Илҳам Алиеви Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниани еиԥылоит. Ари атәы ааицҳаит Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель.
Шарль Мишель Азербаиџьан ахада Илҳам Алиеви Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниани ҭелла драцәажәеит.
Иҟоу адыррақәа рыла, Илҳам Алиеви Никол Ԥашиниани ԥхынҷкәын 15 рзы Бриуссель, Мрагыларатә партниорра асаммит аҳәаақәа ирҭагӡагы еиԥылоит.