Иахьа Қырҭтәылаҟа иааргоит Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа,  аинрал Гьаргь Квинитаӡе иҧсыбаҩ
Иахьа Қырҭтәылаҟа иааргоит Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа,  аинрал Гьаргь Квинитаӡе иҧсыбаҩ

Иахьа Қырҭтәылаҟа иааргоит Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа,  аинрал Гьаргь Квинитаӡе иҧсыбаҩ

 

Қырҭтәыла раҧхьатәи ареспублика ар рҧыза хада, аинрал Гьаргь Квинитаӡе иҧсыбаҩ иахьа Франциантә Қырҭтәылаҟа иааргоит.

Аемиграциаҿы иҧсыз аинрал иаҳаҭыр аҟынтә, Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы  аофициалтә уснагӡатә мҩаҧысуеит.

Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ала,  Қырҭтәыла раҧхьатәи ареспублика ар рҧыза хада, аинрал Гьаргь Квинитаӡе иҧсыбаҩ Қырҭтәыла анышә иамардоит.

Лаҵара 22 инаркны,  Самеба акафедралтә ныхабаа аҿы атәылауаҩратә панихида мҩаҧысуеит. Лаҵара 26 рзы  —  Қырҭтәыла ахьыҧшымра амш азы,  Гьаргь Квинитаӡе иҧсыбаҩ Мҭаҵминда иҟоу Апантео аҿы анышә иамардоит.