Иахьа инаркны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи  абжьааҧнытә режим ала аусура еиҭалагеит
Иахьа инаркны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи  абжьааҧнытә режим ала аусура еиҭалагеит

Иахьа инаркны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи  абжьааҧнытә режим аҿы аусура еиҭалагеит.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак ари аӡбара аднакылеит ҩымш раҧхьа.

Амуниципалтә транспорт аус ауӡомызт лаҵара 3 инаркны 12-нӡа. Иахьа амуниципалтә транспортгьы аусура еиҭалагеит.

Аныҳәамшқәа раан ишьақәыргылаз аҧкрақәа аҧыххоит иахьа, лаҵара 13 инаркны.

Аха, ҵхыбжьон асааҭ  21:00  инаркны  05:00-нӡа аиҭаҵра ишьақәыргылоу аҧкра амч амазаауеит.