Евровизиа 2021 актәи афиналбжа иахьа мҩаԥысуеит
Евровизиа 2021 актәи афиналбжа иахьа мҩаԥысуеит

Нидерланды иалагоит Европаҿ зегь реиҳа зпрестиж ҳараку амузыкатә конкурс.

Евровизиа 65-тәи ашәаҳәаратә аконкурс актәи афиналбжа Роттердам иахьа мҩаԥысуеит, аконкурс рхы аладырхәоит 16 тәылақәа рхаҭарнакцәа.

Актәи афиналбжаҿ иқәгылоит: Лиетува, Словениа, Урыстәыла, Швециа, Австралиа, Аҩадатәи Македониа, Ирландиа, Кипр, Норвегиа, Хорватиа, Бельгиа, Израиль, Румыниа, Азербаиџьан, Украина, Мальта.

Актәи афиналбжа ишиашоу атранслиациа абара Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы ишәылшоит, ашоу қарҭтәи аамҭала асааҭ 23:00 рзы алагоит.

Сынтәа Қырҭтәыла ахьӡала иқәгыло Ҭорнике Ҟиԥиани аконкурс аҩбатәи афиналбжаҿ, лаҵара 20 рзы дақәгылоит. Ҭорнике Ҟиԥиани инаигӡоит ашәа  „You“.