Азакәантә ҕьычцәа рышьра аус иадҳәаланы, Аԥсны де-факто Апрокурор хада имаҵура дамхуп
Азакәантә ҕьычцәа рышьра аус иадҳәаланы, Аԥсны де-факто Апрокурор хада имаҵура дамхуп

Азакәантә ҕьычцәа рышьра аус иадҳәаланы, Аԥсны де-факто Апрокурор хада Зураб Ачба имаҵура дамхуп. Аԥсны дефакто Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара – Апарламент изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥысит иахьа.

Аԥсны де-факто Апарламент азыразхеит ахада ирыдигалаз апрокурор хада Зураб Ачбеи уи ихаҭыԥуаҩ Ешсоу Какалиеи рмаҵураҟынтәи рамхразы азҵаара.

Аԥсны де-факто Апарламент  аҟны иазгәарҭеит Ачбеи Какалиеи рхатәгәаԥхарала рмаҵура шаанрыжьуазы арзаҳалқәа шырҩыз ахада ихьӡала, ахада уи азы Апарламент ахь азҵаара рыдигалеит.

Изаамҭанытәим аилатәараан адепутатцәа дҵас иқәдыргылеит аҿҳәара кьаҿ иалагӡаны Аҟәа аԥшаҳәаҿы ацәгьоура ҟазҵаз рыԥшаара.