Авакцинациазы аҭаҩра алшара змам ауааҧсыра рзы аус ауеит ацәаҳәа ҷыда - 15 22
Авакцинациазы аҭаҩра алшара змам ауааҧсыра рзы аус ауеит ацәаҳәа ҷыда - 15 22

Авакцинациазы аелектронтә ашәҟәҭаҩра алшара змам ауааҧсыра рзы аус ауеит ацәаҳәа ҷыда – 15 22, изҭаху ауааҧсыра зегьы, абри аномер ала аҭел иасны, авакцинациазы ашәҟәы рҽанырҵар рылшоит. Аиҳабыра радминистрациаҿ Қырҭтәыла Аԥыза-министр инапхгарала имҩаԥысыз Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак еилатәара ашьҭахь ари атәы ааицҳаит Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак иаҵанакуа аоперативтә штаб аиҳабы Гиорги Ӷибраӡе.

“Акоронавирус аҽыхьчаратә алаҵақәа рыҟаҵаразы акабинетқәеи абригадақәеи рхыҧхьаӡара аздырҳауеит. Авакцинациазы аелектронтә ашәҟәҭаҩра алшара змам ауааҧсыра рзы аус ауеит ацәаҳәа ҷыда – 15 22, изҭаху ауааҧсыра зегьы, абри аномер ала аҭел иасны, авакцинациазы ашәҟәы рҽанырҵар рылшоит. Иара убас, зыӡбахәы ҳәоу ацәаҳәа чыда ала, атәылауаа аимадара рзеиқәдыршәоит Ауаажәларратә шәарҭадара ахылаҧшра ацентр – 112-и, иара убас,  аиҳабыратә ацәаҳәа ҷыда – 144-и рҟны,” – иҳәеит Гиорги Ӷибраӡе.