Ақәгылара хаданӡа қәҿиарала имҩаҧысыз арепетициа - Оҭо Немсаӡе Еқспо Ҭель-Авив асценаҿы актәи арепетициа мҩаҧигеит [авидео]

2019  шықәсатәи Евровидение ашәаҳәаратә конкурс аҿы Қырҭәтыла ахаҭарнак Оҭо Немсаӡе Еқспо Ҭель-Авив асценаҿы актәи арепетициа мҩаҧигеит.

Абарҭ аминуҭқәа рзы Оҭо Немсаӡе амедиа ахаҭарнакцәа дырҧылоит, хәылбыҽхан Қырҭтәыла ацҳаражәҳәареи Ҭель-Авив ахадареи еиҿыркааз аиҧылара ихы алаирхәоит.

Оҭо Немсаӡе Евровидение актәи афиналбжатә шоу аҿы дықәгылоит лаҵара 14 рзы, жәеизатәи аномер ала.

Сынтәа аконкурс иалахәып 41 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа.

Ашоу ишиашоу атранслиациа жәбар шәылшоит лаҵара  14, 16, 18  асааҭ  23:00 рзы, Қырҭтәыла Актәи аканал аефир аҿы.

 

30°
Ас
Қaрҭ
амҽ
31°
ашә
31°
$
USD
2.6760
0.010
EUR
2.8713
0.010
RUB
0.029096
0.005
£
GBP
3.3479
0.013