Аҧыза-министри Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара ахантәаҩи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьеи ареформақәеи ирылацәажәеит
Аҧыза-министри Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара ахантәаҩи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьеи ареформақәеи ирылацәажәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Гаргь Гахариа  Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара ахантәаҩы, Швециа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Анн Линде дылҧылеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьеи, арегион аҿы имҩаҧысуа ахҭысқәеи, атәылаҿы адемократиатә рефомақәеи ирылацәажәеит.

Гьаргь Гахариа ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра Швециа аиҳабыра рҟны аусеицура анагӡара иазхиоуп, Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаараҿы ахантәаҩра аангьы. Зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иалагӡаны Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкааразы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп арегион аҿы   аимакқәа рҭыҧқәҵара.

Аиҧылараҿы иазааҭгылеит Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа рпроковациатә хымҩаҧгашьеи, иуадаҩӡоу агуманитартә ҭагылазаашьеи, ампыҵахалатә цәаҳәа иаҧну аҵакырадгьылқәа рҿы закәандарала ауаа раанкылара афактқәеи.  Аҧыза-министр  ҷыдала дазааҭгылеит Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа  рыла Қырҭтәыла атәылауаҩ Заза Гахелаӡе иаанкылареи Цхинвал де-факто аӡбара ала закәандарала аҭакра иқәҵареи афакт.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, Женеватәи аиҿцәажәарақәеи Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизми аформатқәа қәҿиарала русура аҵакы ду амоуп. Енн Линде даҽазнык ишьақәлырҕәҕәеит  Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара аимакқәа рҭыҧқәҵареи аинститутқәа рырҕәҕареи аҿы  Қырҭтәыла ишацхраауа.

Иара убас,  аиҧылараҿы ирзааҭгылеит атәылазы ахадаратә ҵакы змоу аинститутқәа рырҕәҕәара амзызла имҩаҧысуа  адемократиатә реформақәа.