Алина Урашаӡе аӡынтәи аолимпиатә хәмаррақәа рахь алицензиа лоуит
Алина Урашаӡе аӡынтәи аолимпиатә хәмаррақәа рахь алицензиа лоуит

Швециа аҳҭнықалақь Стокгольм, «Глобал аренаҿ» имҩаԥысуаз аҵаақәшьқьрааҩцәа адунеи рчемпионат аҿы дықәгылеит 17 шықәса зхыҵа ақырҭуа спортсмен Алина Урушаӡе. Лара 169,01 балл лоун, 20-тәи аҭыԥ аанылкылеит. Алина Урушаӡе Пекинтәи аӡынтәи аолимпиада аҽалархәра лылшоит.