Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр аҭҵаара инақәыршәаны, 2020 шықәсазы Қырҭтәыла иԥсыз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара акыр иазҳаит
Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр аҭҵаара инақәыршәаны, 2020 шықәсазы Қырҭтәыла иԥсыз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара акыр иазҳаит

2020 шықәса ԥхынҷкәын  31 рзы иҟаз адыррақәа рыла, Қырҭтәыла иԥсыз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара акыр иазҳаит. Ари иануп Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр аҳасаьырба аҿы.

Аҭҵаара инақәыршәаны, 2020 шықәса ԥхынҷкәын 31 рзы иҟаз адыррақәа рыла, Қырҭтәыла рыԥсҭазаара иалҵит 49074-ҩык. 2015-2019 шш. рзы аԥсра абжьаратә рбага 48179 иаҟаран.

2020 шықәса ԥхынҷкәын  31 рзы иҟаз адыррақәа рыла, акоронавирус амзызла рыԥсҭазаара иалҵит 2528-ҩык (алеталтә рбага 1.1%), аҳәса – 55,4%, ахацәа 44,6%.