300 лари акомпенсациа аиуразы аелектронтә арзаҳалқәа рыдкылара иахьа иалагоит
300 лари акомпенсациа аиуразы аелектронтә арзаҳалқәа рыдкылара иахьа иалагоит

 

 

Ахашәалахәтә маҵзура адыррақәа рыла,  антикризистә план аҧшьбатәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны, аусбарҭаҿы еиқәырышәоуп арегистрациатә программа ҿыц.

«Акоронавирус аларҵәара иадҳәалоу аҧкрақәа рымшала абҵара 28 инаркны аамҭала аусура иаҟәыҵыз ауааҧсыра, 300 лари акомпенсациа аиуразы,  ҧхынҷкәын 3 инаркны 24нӡа аелектронтә арзаҳал аларҵароуп, убри анеҩс, иҵегьы ҩымш рымазаауеит аинформациа ариашаразы», — иануп Ахашәалахәтәи маҵзура аҳәамҭаҿы.