Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы – Страсбургтәи аӡбарҭа аӡбамҭа
Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы – Страсбургтәи аӡбарҭа аӡбамҭа

2008 шықәса аус азы Страсбургтәи аӡбарҭа аӡбамҭа аднакылеит. Иашьашәалоу апрессрелиз Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа авебдаҟьа ианылеит.

Аус  иадҳәалан 2008 шықәса нанҳәазы Қырҭтәылеи Урыстәылатәи афедерациеи рыбжьара бџьаршьҭыхлатәи аимак аан, Урыстәылатәи афедерациа ала аконвенциа еилагара афактқәа.

Аӡбарҭа иазыԥхьагәанаҭеит аганқәа иҟарҵаз азгәаҭақәеи еиуеиԥшым адокументқәеи, иара убас жәларбжьаратәи аҳәынҭқаратәии иҳәынтқаратәыми еиҿкаарақәа рҳасабырбақәа, ахшыҩ азышьҭын 33-ҩык ашаҳаҭцәа рҿахәҿыхра.

Аус аҭҵаара ашьҭахь аӡбарҭа алкаақәак ҟанаҵеит: бџьаршьҭыхлатәи еиҿагылара активтә афазаҿ (2008 шықәса нанҳә 8-12) аҭыԥ змаз ахҭысқәа аконвенциа актәи ахәҭаҷ (ауаҩытәыҩса изинқәа пату рықәҵара аԥхықәра) инақәыршәаны, Урыстәыла аиурисдикциа иаҵанакуам ҳәа. Аха аӡбарҭа алкааҿ ишану ала, Урыстәыла аган 2008 шықәса нанҳәа 12 инаркны жьҭаара 10-нӡа Аахыҵ Уаԥстәылеи, Аԥсни «абуфертә ҭыԥқәеи» «аеффект змаз аконтроль» нарыгӡон. Аӡбарҭа шаанарԥшыз ала, бџьаршьҭыхлатәи еиҿагылара ашьҭахь аҭыԥ змаз ахҭысқәа, аконвенциа актәи апункт инақәыршәаны (ауаҩытәыҩса изинқәа пату рықәҵара аԥхықәра), Урыстәыла аиуриспруденциа иаҵанакуан.

Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа аҩадатәи апалатаҿ:

  • 11-бжьы 6-бжьы ирҿагыланы рыӡбеит, аибашьра активтә фазаан (2008 шықәса нанҳәа 8-12 рзы) аҭыԥ змаз ахҭысқәа, аконвенциа актәи апункт инақәыршәаны (ауаҩытәыҩса изинқәа пату рықәҵара аԥхықәра), Урыстәыла аиуриспруденциа иаҵанакуамызт ҳәа;
  • 16-бжьы аӡәы иҿагыланы рыӡбеит, бџьаршьҭыхлатәи еиҿагылара ашьҭахь (2008 шықәса нанҳәа 12 рзы ахымца аанкылара еиқәшаҳаҭра абжьаҵара ашьҭахь) аҭыԥ змаз ахҭысқәа Урыстәыла аиурисдикциа иаҵанакуан ҳәа;
  • 16-бжьы аӡәы иҿагыланы рыӡбеит, аҭыԥ аман аконвенциа аҩбатәи ахәҭаҷи (аԥсҭазаара зин), ахԥатәи ахәҭаҷи (аргәаҟреи, ауаҩытәыҩса ицәтәыму аҳаҭыр аларҟәратә хымҩаԥгашьа ма ахьырхәра ақәиҭымтәреи), аабатәи ахәҭаҷи (хазхаалатәии аҭаацәаратәи ԥсҭазаара ахьчара зин) ирҿагыло административтә практика ҳәа. Иара убас аконвенциа иацҵоу апротокол актәи ахәҭач (амазара ахьчара)
  • Еицҿакны рыӡбеит, Цхинвали Аахыҵ Уаԥстәылатә мчқәа 2008 шықәса нанҳәа 10-27 рзы Қырҭтәыла атәылауаа ахьааныркылаз, аконвенциа актәи ахәҭаҷ инақәыршәаны (ауаҩытәыҩса изинқәа пату рақәҵара аԥхықәра), уи Урыстәыла аиурисдикциа иаҵанакуан ҳәа;
  • Еицҿакны рыӡбеит, аҭыԥ аман аконвенциа ахԥатәи ахәҭаҷ (аргәаҟреи, ауаҩытәыҩса ицәтәыму аҳаҭыр аларҟәратә хымҩаԥгашьа ма ахьырхәра ақәиҭымтәреи) иаҿагыло административтә практика ҳәа – 160-ҩык Қырҭтәыла аҭынч тәылауаа раанкылареи рзыҟазаареи ауаҩытәыҩса иҟазшьа иацәтәымын ҳәа ԥхьаӡоуп;
  • Еицҿакны рыӡбеит, аҭыԥ аман аконвенциа ахәбатәи ахәҭаҷ (ахақәиҭреи ашәарҭадареи рзин) иаҿагыло административтә практика ҳәа – 2008 шықәсазы Қырҭтәыла атәылауаа раанкылара иадҳәаланы;
  • Еицҿакны рыӡбеит 2008 шықәса нанҳәа 8-17 рзы Цхинвали Аахыҵ Уаԥстәылатәи мчқәа ақырҭуа аруаа итҟәаны ахьыргаз, аконвенциа актәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, Урыстәыла аиурисдикциа иаҵанакуан ҳәа;
  • 16-бжьы аӡәы иҿагыланы рыӡбеит, аҭыԥ аман аконвенциа ахԥатәи ахәҭаҷ (аргәаҟреи, ауаҩытәыҩса ицәтәыму аҳаҭыр аларҟәратә хымҩаԥгашьа ма ахьырхәра ақәиҭымтәреи) иаҿагыло административтә практика ҳәа – ақырҭуа арратә тҟәацәа рыргәаҟреи ршьреи иадҳәаланы;
  • 16-бжьы аӡәы иҿагыланы рыӡбеит, Аахыҵ Уаԥстәыла ма Аԥсны ахынҳәра алшара зырымҭаз;
  • 16-бжьы аӡәы иҿагыланы рыӡбеит, аҭыԥ аман аконвенциа иацҵоу аԥшьбатәи ахәҭаҷ аҩбатәи ахәҭа (аиҭаҵра ахақәиҭра) иаҿагыло административтә практика ҳәа – Қырҭтәыла атәылауаа рхатә ҩнқәа рахь ахынҳәра ахьрылымшо аҟынтә;
  • Еицҿакны рыӡбеит аконвенциа актәи иацҵоу апротокол аҩбатәи ахәҭаҷ (аҵара зин) аилагара аҭыԥ амамызт ҳәа;
  • Еицҿакны рыӡбеит, аконфенциа аҩбатәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, бџьаршьҭыхлатәи еиҿагылара аанкылара ашьҭахь аҭыԥ змаз ахҭысқәеи бџьаршьҭыхлатәи еиҿагылара активтә афазаан аҭыԥ змаз ахҭысқәеи рызҵааразы иадеквату иеффекту аусԥшара амҩаԥгаразы Урыстәылатәи афедерациа апроцедуратә ԥхықәра аман ҳәа;
  • 16-бжьы аӡәы иҿагыланы рыӡбеит, аҭыԥ аман аконвенциа аҩбатәи ахәҭаҷ (аԥсҭазаара зин) апроцедуратә еилагара ҳәа;
  • Еицҿакны рыӡбеит, ашшыԥхьыӡ алазҵаз Аиҳабыра ршшыԥхьыҿ 13-тәи ахәҭаҷ егьырҭ ахәҭаҷқәа хазы рыҭцара аҭахым ҳәа;
  • 16-бжьы аӡәы иҿагыланы рыӡбеит, аҭак ҟазҵо аҳәынҭқарра 38-тәи ахәҭаҷла иахыԥхьагәаҭоу ахыдҵақәа рынамгӡара аҭыԥ амоуп ҳәа;
  • Еицҿакны рыӡбеит, аконвенциа 41-тәи ахәҭаҷ иадҳәаланы азҵаара макьана ихиам, уи иагатәуп ҳәа.