Зхы иақәиҭу ақәԥара | Гиви Маҷарашвили афиналбжаҿ дыҟоуп, Ӡебисашвили аҩныҟа дхынҳәуеит  #1TVSPORT
Зхы иақәиҭу ақәԥара | Гиви Маҷарашвили афиналбжаҿ дыҟоуп, Ӡебисашвили аҩныҟа дхынҳәуеит #1TVSPORT

2024 шықәсатәи Парижтәи аолимпиадаҿ зхы иақәиҭу астиль ала ақәԥаҩ Гиви Маҷарашвили (97 кг) Украина ахьӡ ала иқәгыло Мураз Мҷедлиӡе 11:0 ҳәа диааин, афиналбахь диасит. Ақрҭуа спортсмен азербаиџьантәи иҿагылаҩ Магомедхан Магомедов диԥылароуп.

Иахьа аолимпиадаҿ дықәглан аҩбатәи ақырҭуа спортсенгьы – Годерӡи Ӡебисашвили (65 кг), аха уи даҵахеит.

Ишәгәалаҳаршәоит, зхы иақәиҭу астиль аҿы ақәԥаҩ Гено Петриашвили (125 кг) Парижтәи 2024 шықәсатәи аолимпиада афинал аҿы дыҟоуп. Ақырҭуа спортсмен Азербаиџьан ахьӡала иқәгылоз Гьаргь Мешвилдишвили диааин, ахьтәы медал аиуразы џьамтәылатәи Амир Заре диацлабуеит

Афиналтә блок уаҵәы, асааҭ 21:00 рзы иалагоит.