Зураб Патараӡе - Шьалуа Папуашвили Азербаиџьанҟа ивизит атәылақәа реизыҟазаашьақәа рахь аимпульс ҿыц аанарԥшуеит ҳәа сгәы иаанагоит
Зураб Патараӡе - Шьалуа Папуашвили Азербаиџьанҟа ивизит атәылақәа реизыҟазаашьақәа рахь аимпульс ҿыц аанарԥшуеит ҳәа сгәы иаанагоит

Азербаиџьан иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Зураб Патараӡе  Шьалуа Папуашвили Азербаиџьан ашҟа ивизит дахцәажәеит.

Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыхәаԥшуеит амш аусхәаԥштә иалоу ихадоу азҵаарақәа зегьы.

“Қырҭтәылеи Азербаиџьани астратегиатә партниорра рыбжьоуп, ҳтәылақәа иҳараку адинамика рыбжьоуп. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыхәаԥшуеит амш аусхәаԥштә иалоу ихадоу азҵаарақәа зегьы. Шьалуа Папуашвили Азербаиџьан ашҟа ивизит атәылақәа реизыҟазаашьақәа рахь аимпульс ҿыц аанарԥшуеит ҳәа сгәы иаанагоит”, – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили,  апарламенттә делегациа дрыцны,  визитла Азербаиџьантәи ареспубликаҿ дыҟоуп.  Шьалуа Папуашвили дызхагылоу апарламенттә делегациа иалоуп авице-спикер Арчил Ҭалакваӡеи, афракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ  Грета Цицавеи, апарламенттә аиҳара алахәылацәа: Савалан Мирзоеви, Заур Даргалии, афракциа  «Иаку амилаҭтә ҵысра-Иеиду аоппозициа» алахәыла  Рамаз Николаишвилии.