Зураб Патараӡе - Михаил Ҟавелашвили ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, арегионтә шәарҭадара, акультуратә, агуманитартә, аекономикатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа ирылацәажәоит
“Михаил Ҟавелашвили ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, арегионтә шәарҭадара, акультуратә, агуманитартә, аекономикатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа ирылацәажәахоит”, – иҳәеит Азербаиџьан иҟоу Қырҭтәыла Ацҳаражәҳәаҩ Зураб Патараӡе.
Иажәақәа рыла, Михаил Кавелашвили ивизит Азербаиџьани Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рырҭбаареи иацхраауеит.
“Иахьа Қырҭтәыла Аҳәынҭқарра Ахада Михаил Кавелашвили Азербаџьан Аҳәынҭқарраҿ ивофициалтә визт иалагеит. Азербаџьан Қырҭтәылазы астратегиатә партниоруп, аиҩызаратә тәылоуп. Михаил Ҟавелашвили ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, арегионтә шәарҭадара, акультуратә, агуманитартә, аекономикатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа ирылацәажәахоит.
Уаҵәы Азербаиџьан анапхгара рхаҭарнакцәа рҟны зыҩаӡара ҳараку аиԥыларақәа ирылагоит. Қырҭтәыла ахада Азербаиџьан Аҳәынҭқарра Ахада Ильҳам Алиеви диԥылоит, иара убас апланқәа ирылоуп аԥыза-министри, апарламент ахантәаҩи рҟны аиԥылара”, – иҳәеит Патараӡе.
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили раҧхьатәи иофициалтә визит мҩаҧигоит Азербаиџьантәи ареспубликаҿы. Аплан иарбоуп иҳаракӡоу аҩаӡараҟны ишиашо аиҧыларақәа Азербаиџьан аҧыза-министр Али Асадови Милли Меџьлис ахантәаҩы Сахиба Гафарови рҟны. Қырҭтәыла ахада анапхгара ззиуа ақырҭуа делегациа иалоуп Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиеи апарламент адепутатцәа Гиви Миқанаӡеи, Заур Даргалии, Салаван Мирзоеви.