Зураб Патараӡе – Ҳусқәа ибзианы ицоит, аха уажәы уи сзалацәажәом, Давиҭ-Гареџьи азҵаара хымҧада иӡбахоит астратегиатә партниорцәеи аҩызцәеи ишрықәнагоу еиҧш
«Ҳусқәа ибзианы ицоит, аха уажәы уи сзалацәажәом, Давиҭ-Гареџьи азҵаара хымҧада иӡбахоит астратегиатә партниорцәеи аҩызцәеи ишрықәнагоу еиҧш», — иҳәеит Азербаиџьан иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Зураб Патараӡе.
Зураб Патараӡе иажәақәа рыла, атәылақәа рыбжьара аполитикатә диалог аҩаӡара зеиҧшҟамлац ала иҳаракуп.
«Давиҭ-Гареџьи азҵаара сазааҭгылар сҭахуп, ари апроцесс инагӡоит. Акомиссиа шеиҿкаау жәдыруеит. Аилатәара мҩаҧган апандемианӡа. Ари апроцесс хымҧада инагӡахоит. Агәра шәсыргар сҭахуп ари азҵаара астратегиатә партниорцәеи аҩызцәеи ишрыхәҭоу еиҧш ишыӡбахо. Сшәыҳәоит, ҳамццакып. Ҳусқәа ибзианы ицоит, аха уажәы уи сзалацәажәом, Давиҭ-Гареџьи азҵаара хымҧада иӡбахоит астратегиатәи партниорцәеи аҩызцәеи ишрықәнагоу еиҧш. Цыҧхи ҵыҧхцәеи ахада Алиев аофициалтә визитла Қарҭ дыҟан, сынтәа Қырҭтәыла аҧыза-министр ҩынтә Азербаиџьан дыҟан. Ааҧынраз Бақәа имҩаҧысуеит аиҳабырабжьаратә комиссиа аиҧылара. Абарҭ аформатқәа рҿы аконкреттә алҵшәақәа ҳауеит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Зураб Патараӡе.