Хара имгакәа сааныркылар ҟалап, — иҳәеит “Аԥсахрақәа рзы акоалициа” алидер Зураб Џьаԥариӡе.
“Ари арежим адҵақәа рынагӡара сгәы ишҭамыз заанаҵы исҳәахьан. Ари амаскарад аҽалархәра сҭахым”, — иҳәеит Џьаԥариӡе.
Мшаԥы 16 рзы “Аԥсахрақәа рзы акоалициа” алидер Зураб Џьаԥариӡе аамҭалатәи апарламенттә аусԥшааратә комиссиа аилатәарахь дахьымнеиз азыҳәан, ашас ԥара аҳасабала 20 000 лари иқәҵан. Ари аԥара ашәара аҿҳәара нҵәеит лаҵара 18 рзы.