Зураб Гирчи Џьаҧариӡе бжьымз аҭакра иқәырҵеит, иара убас, иара ҩышықәса ирылагӡаны аҳәынҭқарратә маҵзураҭыҧ аанкылара азин имам
Зураб Гирчи Џьаҧариӡе бжьымз аҭакра иқәырҵеит, иара убас, иара ҩышықәса ирылагӡаны аҳәынҭқарратә маҵзураҭыҧ аанкылара азин имам

Аӡбара   «Аиҭакрақәа рзы акаолициа» алидер  Зураба Гирчи Џьаҧариӡе, апарламент аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аҳәара анамгӡаразы, бжьымз аҭакра иқәырҵеит.  Иара убас, иара ҩышықәса ирылагӡаны аҳәынҭқарратә маҵзураҭыҧқәа раанкылара азин имам.

Азыӡба рылеиҳәеит аӡбаҩ Џьвебе Наҷҟебиа.

Зураб Гирчи Џьаҧариӡе иахьатәи аӡбаратә процессаҿ дыҟамызт.

Аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аҳәамҭа ашьаҭала, апрокуратура Џьаҧариӡе ахара иднаҵеит Ашьауҕатә закәанеидкыла  349-тәи ахәҭаҷ ала,  «Қырҭтәыла апарламент аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аҳәара анамгӡаразы». Мшаҧы 16 рзы  Зурабу Џьаҧариӡе  20 000 лари ашас ашәара иқәырҵеит, уи ашәара аҿҳәара нҵәеит лаҵара  18 рзы. Ашас амшәара амшала, лаҵара 22 рзы, Зураб Џьаҧариӡе  ибаандаҩтәразы аӡбара рыдыркылеит.