Зураб Джаҧариӡе «Гирчи» ҿыц аҧиҵоит.
Иара ателееилахәыра «Формула» ишазааицҳаз ала, апартиа ашьаҭаркратә аизараду мҩаҧысуеит ҧхынҷкәын 26 рзы.
Джаҧариӡе ишиҳәаз ала, апартиа ахьӡи алогои иҧсахуам.
«Ауааҧсыра рыхәҭак уажәраанӡа иҟаз «Гирчи» ргәы шҧнаҵәаз здыруеит, аха уажәшьҭа 2 партиак ҳамазаауеит, аиндаҭлара ҳабжьазаауеит. Аиндаҭларала иубарҭахоит иаҳа еиҕьны аус ҟазҵо», — иҳәеит Джаҧариӡе.