Змандат аанкылахо адепутатцәа рпартиақәа аҳәынҭқарратә финансыркра роуам
Змандат аанкылахо адепутатцәа рпартиақәа аҳәынҭқарратә финансыркра роуам

 

 

«Змандат аанкылахо, апарламент аусура зхы алазмырхәо  адепутатцәа рпартиақәа аҳәынҭқарратә финансыркра роуам, мамзаргьы рфинансыркра шықәсык ала аанкылахоит», — иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер,  «Ақырҭуа гәахәтәы» анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Иракли Кобахиӡе.

Иара иажәақәа рыла ари азҵаара иазҧхьагәаҭоуп Қырҭтәыла апарламент иаларгалахьоу азакәанҧҵаратә  ҧсахрақәа рпакет ала. Кобахиӡе ишиҳәаз ала, абарҭ аҧсахрақәа рыдыркылоит амчыбжь анҵәамҭанӡа.

«Арадикалтә оппозициатә партиақәеи дара рықәыҕәҕара аҵаҟа иҟоу аполитикатә аидҵарақәеи рбоикот аҳәынҭқарреи,  адемократиатә институтқәеи ирҧырхагоуп.  Апарламент иалаагалаз азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа рпакет шьақәҳарҕәҕәоит ҳазну амчыбжь анҵәамҭанӡа», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.