Жозеп Боррели Еврокомиссиеи "Атәым нырра аартызаара иазку" азакәан адкылара инамаданы аҳәамҭа еицыҟарҵеит
Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррели Еврокомиссиеи “Атәым нырра аартызаара иазку” азакәан адкылара инамаданы аҳәамҭа еицыҟарҵеит.
“Евроеидгыла ақырҭуа жәлари уи Қырҭтәыла европатәи аԥеиԥши ирыдгылоит. Атәылауаҩратә уаажәлареи, аполитикатә лидерцәеи, ажурналистцәеи урҭ рҭаацәала алахәылацәеи рыршәара, рықәмақарра, амчылара аҭыԥ рымамзароуп. Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит арҭ афактқәа ҭырҵаарц.
Европа ахеилак аӡбарала Қырҭтәыла акандидат статус анашьан, ари аҿбара шьаҭас аман 2023 шықәса абҵара 8 рзы Еврокомиссиа абжьагарақәа рынагӡара ақәырӷәыӷра.
Аҿагылара иахәамԥшыкәа, Қырҭтәыла апарламенттә аиҳара аданакылеит “Атәым нырра аартызаара иазку” азакәан. Евроеидгыла аҳәамҭақәа рҿы изныкымкәа иазгәаҭан ари азакәан аҵакы Евреоидгыла ахәынаӡарақәеи анормақәеи шрышьашәалам.
Азакәан адкылара Евроеидгыла амҩаҿ Қырҭтәыла апрогресс иаԥырхагоит. Иашьҭанеиуа амҩа Қырҭтәыла ахала алнахуеит. Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит азакәан дырхынҳәырц, Евроеидгыла ашҟа ицо амҩала аныҟәара нарыгӡарц, жәшьаҿак рҿы иазгәаҭоу ареформақәа мҩаԥыргарц”, — иануп аҳәамҭа аҿы.