Қырҭтәыла аполитикатә спектр аҿы аконструктивтә, аинклиузивтә диалог ахадаратә ҵакы амоупю Жьҭаара 17 рзы Европатәи ахеилак иҟанаҵаз алкаа инақәыршәаны, Евроеидгыла Қырҭтәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Европа ашҟа аинтеграциа ашьаҭатәи принципқәа рыла, адемократиатә, зегьы зҵазкуа, иҭышәантәалоу ареформақәа мҩаԥнагарц, – иануп Жозеп Боррели Еврокомиссиеи еицыҟарҵаз аҳәамҭа аҿы.
“Жьҭаара 26 рзы Қырҭтәыла атәылауаа апарламенттә алхрақәа рхы аладырхәит. Евроеидгыла апарламенттә алхрақәа мҩаԥгаанӡа атәылаҿ иҟаз аҭагылазаашьа, апроцессқәа рырҿиара икылкааны ирыцклаԥшуан. Иҳаҩсыз амзқәа рзы ақырҭуа жәлар адемократиатә хәынаӡарақәеи атәыла европатәи амҩа гәык ала ишырзыҟоу аадырԥшит. OBSE/ODHIR анапхгарала имҩаԥгаз жәларбжьаратә анаԥшратә миссиа заанаҵтәи алкаақәа рыла, алхрақәа рымш апроцедура аганахьала ибзианы еиҿкаан, аха аилагарақәак аҭыԥ рыман. Аҭԥ аман алхыҩцәа рықәыӷәӷәара, лымкаала аҳәынҭқарратә сектор аҿы. Қырҭтәыла ацентртә алхратә еомиссиеи егьырҭ иашьашәалоу аорганқәеи рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит рхатә ҭакԥхықәақәа нарыгӡарц, иаартны, рхы иақәиҭны алхырҭақәа аҭыԥ змаз еилагарақәа ҭырҵаарц. Ари аҵак ҷыда амоуп”, – иануп аҳәамҭа аҿы.
„Қырҭтәыла аполитикатә спектр аҿы аконструктивтә, аинклиузивтә диалог ахадаратә ҵакы амоупю Жьҭаара 17 рзы Европатәи ахеилак иҟанаҵаз алкаа инақәыршәаны, Евроеидгыла Қырҭтәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Европа ашҟа аинтеграциа ашьаҭатәи принципқәа рыла, адемократиатә, зегьы зҵазкуа, иҭышәантәалоу ареформақәа мҩаԥнагарц, – иазгәаҭоуп Жозеп Боррели Еврокомиссиеи еицыҟарҵаз аҳәамҭа аҿы.