Жозеп Боррель – Урыстәыла аҿагылара шышәцәыуадаҩу еилаҳкаауеит, аха, асанкциақәа алҵшәа рхылҵырц азыҳәан, асанкциақәа рынагӡара еиқәшәыршәарц ҳшәыҳәоит
Жозеп Боррель – Урыстәыла аҿагылара шышәцәыуадаҩу еилаҳкаауеит, аха, асанкциақәа алҵшәа рхылҵырц азыҳәан, асанкциақәа рынагӡара еиқәшәыршәарц ҳшәыҳәоит

«Ҳара ЕАР аҿы имҩаҧгаз абжьыҭираан Қырҭтәыла Украина иазааанарҧшыз адгылара ҳаҭыр ақәаҳҵоит.  Урыстәыла аҿагылара шышәцәыуадаҩу еилаҳкаауеит, аха, асанкциақәа алҵшәа рхылҵырц азыҳәан, асанкциақәа рынагӡара еиқәшәыршәарц ҳшәыҳәоит», — иҳәеит адәныҟатәи аполитикеи  ашәарҭадареи азҵаарақәеи рзы Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель.

Жозеп Боррель  ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии иареи реиҧылареи,  Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла иҟанаҵаз азыҳәамҭеи,  Урыстәыла адлара амзызла импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҿы имҩаҧгаз ареферендуми иазкны.

Боррель даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Евроеидгыла Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадагыло.