Жозеп Боррель - Мрагыларатә партниорцәа рҟны ҳусеицура еиҭахәаԥштәуп, арегионтә знеишьа иазыԥхьагәаҭатәуп
Адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель иҟаиҵаз аҳәамҭала, Мрагыларатә партниорра иалоу атәылақәа рҟны ҳусеицура еиҭахәаԥштәуп.
Боррель ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Бриуссель, Мрагыларатә партниорра иалоу атәылақәа рминистериали Евроеидгыла иалоу атәылақәеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа рхеилак аилатәареи иалагаанӡа.
„Мрагыларатә партниорцәа рҟны ҳусеицура еиҭахәаԥштәуп,хтәылак икандидатцәахеит. Тәылак Евроеидгыла даара иацәыхароуп – Беларус. Ари егьырҭ иреиԥшым тәылуоп. Арегионтә знеишьа иазыԥхьагәаҭатәуп, аха ари иаҳа-иаҳа иуадаҩхоит. Украина аибашьра иалагеижьҭеи ари актәи министериалуп. Ари азҵаара ирацәаны ҳахцәажәоит”, – иҳәеит Боррель.
Бриуссель имҩаԥысуа “Мрагыларатә партниорра” аминистериал ихы алаирхәоит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.