Жозеп Боррель - Иахьа Қырҭтәыла иазку аӡбамҭа ҳадаҳкылом, аха анапхгара уажәы иҟанаҵо уи аҟаҵара иаҟәымҵыр, ашқәа аркхоит
Жозеп Боррель - Иахьа Қырҭтәыла иазку аӡбамҭа ҳадаҳкылом, аха анапхгара уажәы иҟанаҵо уи аҟаҵара иаҟәымҵыр, ашқәа аркхоит

«Қырҭтәылазы Евреоидгыла ашәқәа аартуп, аха анапхгара уажәы иҟанаҵо уи аҟаҵара иаҟәымҵыр, ашқәа аркхоит», — иҳәеит Лиуксембург Евроеидгыла ахеилак иалагаанӡа Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак  Жозеп Боррель.

Жозеп Боррель ишазгәеиҭаз ала, иахьа Қырҭтәыла иазку аӡбамҭа рыдаҳкылом.

«Қырҭтәыла иаҳхамшҭроуп. Қырҭтәылазы Евреоидгыла ашәқәа аартуп, аха анапхгара уажәы иҟанаҵо уи аҟаҵара иаҟәымҵыр, ашқәа аркхоит. Европатәи аперспектива ма аанкылахоит, ма икьаҿхоит, ари лабҿабоуп. Ихадароу азҵаарақәа ҳрыхцәажәоит. Анапхгара уажәы иҟанаҵо уи аҟаҵара иаҟәымҵыр, ашқәа аркхоит», — иҳәеит Жозеп Боррель.