Жозеп Боррель – Ҳара Қырҭтәылаҟа атехникатә миссиа дәықәаҳҵоит, иара убас, OSCE/ODIHR амиссиа анапхгаҩы дааҳаҧхьоит иара алхрақәа рҿы иҟаз аилагарақәа ирызку аҳәамҭа ҳазцәыригарц
«Ҳара Қырҭтәылаҟа атехникатә миссиа дәықәаҳҵоит, иара убас, OSCE/ODIHR амиссиа анапхгаҩы дааҳаҧхьоит иара алхрақәа рҿы иҟаз аилагарақәа ирызку аҳәамҭа ҳазцәыригарц», — иҳәеит Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель Евроеидгыла атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылара ашьҭахь.
«Қырҭтәыла имҩаҧгаз аҵыхәтәантәи апарламенттә алхрақәа ишьақәдырҕәҕеит уажәтәи анапхгара рхаан адемократиатә аҿиара аганахьала атәыла шьҭахьҟа ишцаз. Ақырҭуа жәлар ирҿагыланы «Ақырҭуа гәахәтәы» иҟарҵо ашьаҿақәа рымшала атәыла евроинтеграциа амҩа ианыҵит. Ҳазынтәгьы иаҳҭаху акоуп — Қырҭтәыла европатәи амҩа иазыхынҳәырц ҳҭахуп. Ҳара Қырҭтәылаҟа атехникатә миссиа дәықәаҳҵоит, иҟаз аилагарақәа ҳрылацәажәап. Атәыла аиҳабыра шьаҭанкылатәи аиҭакрақәа мҩаҧыргароуп. Иара убас, OSCE/ODIHR амиссиа анапхгаҩы дааҳаҧхьоит иара алхрақәа рҿы иҟаз аилагарақәа ирызку аҳәамҭа ҳазцәыригарц. Ҳара ахеилак аилатәара ааҳаҧхьоит, избанзар алахәылацәа зегьы ҳазлацәажәо рдыруазароуп. Ҵыҧх Қырҭтәыла саныҟаз ақырҭуа жәлар ирасҳәаз еиҭасҳәар сҭахуп: Евроеидгыла ашәқәа Қырҭтәылазы иаартуп, аха, ақырҭуа аиҳабыра рхырхарҭа евроинтеграциа аплан азы анырра амазаауеит», — иҳәеит Жозеп Боррель.