Жозеп Боррель – Ҳара аартызаара иазку азакәан ҳалацәажәеит, тәылақәак ргәаанагарала уи аҵакы ду амам, егьырҭ ргәаанагарала ари азакәан Евроеидгыла анормақәа ирышьашәалам, урҭ ииашоуп ҳәа исыҧхьаӡоит
Жозеп Боррель – Ҳара аартызаара иазку азакәан ҳалацәажәеит, тәылақәак ргәаанагарала уи аҵакы ду амам, егьырҭ ргәаанагарала ари азакәан Евроеидгыла анормақәа ирышьашәалам, урҭ ииашоуп ҳәа исыҧхьаӡоит

 

«Ҳара аартызаара иазку азакәан ҳалацәажәеит, тәылақәак ргәаанагарала уи аҵакы ду амам, егьырҭ ргәаанагарала ари закәан Евроеидгыла анормақа ирышьашәалам, урҭ ииашоуп ҳәа исыҧхьаӡоит», — иҳәеит Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак   Жозеп Боррель.

Иара иажәақәа рыла, «Азакәан амч аиур, Евроеидгыла аҟынтә иаҳа иашьашәалоу ақәҿыҭра алацәажәара иалагеит».

«Венециатәи акомиссиа аихшьаала ҳахәаҧшит, аихшьаала  инақәыршәаны, ҳара Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит азакәан иаҧырхырц. Азакәан амч аиур, Евроеидгыла аҟынтә иаҳа иашьашәалоу ақәҿыҭра алацәажәара ҳалагеит. Рашәарамзазы адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа анеҩстәи реиҧылараҿы аӡбара ҳадаҳкылоит.  Қырҭтәыла мацара акәымкәа, адунеи зехьынџьара жәларбжьаратәи азакәанҧҵара, европатәи амҩа иашьашәалам ак ҟалацыҧхьаӡа Евроеидгыла алахәылацәа аӡбара адкылара иазыхиазар сҭахым.  Имҩаҧысраны иҟоу алхрақәагьы ҳрылацәажәеит. Ақырҭуа жәлар ртәыла ахырхарҭазы абжьыҭира рықәшәоит, аиҳабыра ртәылауаа хырҳагара ду рзаазгаша аӡбара рыдыркылар рылшоит, аха, макьана аӡбара рыдрымкылацт», — иҳәеит Боррель.

Бриуссель Евроеидгыла иалоу атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылара мҩаҧган, уаҟа Қырҭтәыла азҵаара иалацәажәон.