Жозеп Боррель - Евроеигдыла Урыстәыла аҳәаахьчаҩцәа рыла Қырҭтәыла атәылауаҩ ишьреи даҽа хаҿык иаанкылареи иақәыӡбоит
Жозеп Боррель - Евроеигдыла Урыстәыла аҳәаахьчаҩцәа рыла Қырҭтәыла атәылауаҩ ишьреи даҽа хаҿык иаанкылареи иақәыӡбоит

Еврокомиссиа авице-ахада, адәныҟатәи ашәарҭадаратәи зҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель ампыҵахалатә мчқәа Кирбали ақыҭа иазааигәаны аҭыҧантәи анхаҩы ишьра инамаданы “Твиттер” аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

„Евроеигдыла Урыстәыла аҳәаахьчаҩцәа рыла Қырҭтәыла атәылауаҩ ишьреи даҽа хаҿык иаанкылареи иақәыӡбоит. Атҟәа зыԥшра ҟамҵакәа ихы дақәитәыроуп. Урыстәыла арбџьармчқәа Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа  – Аԥсни Аладатәи Уаԥстәыла арегиони рҿы рыҟазаара изакәаным“, –иҩит Боррель.

Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала, ампыҵахалатә мчқәа  Кирбали ақыҭа иазааигәаны аҭыҧантәи анхаҩы закәандарала данааныркылоз ахысра иалаган, Қырҭтәыла атәылауаҩ дҭахеит.