Жозеп Боррель - Евроеидгыла адемократиа иалнахыз ақырҭуа жәлар ирыдгылоит
Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лҟны аиԥылара иазкны асоциалтә каҭаҿы иҩит.
Боррель иажәақәа рыла, Саломе Зурабишвили атәыла европатәи аԥеиԥш дахцәажәеит.
«Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лҟны аиԥылараҿ Қырҭтәыла европатәи аԥеиԥщ ҳахцәажәеит. Евроеидгыла адемократиа иадгыло ақырҭуа жәлар ирыдгылоит», — иҩит Жозеп Боррель.