Жозеп Боррель – Апарламенттә алхрақәа ҳрызҧшып, арҭ алхрақәа Қырҭтәыла адемократиеи Евроеидгылахь амҩеи рзы иҧышәахоит
Жозеп Боррель – Апарламенттә алхрақәа ҳрызҧшып, арҭ алхрақәа Қырҭтәыла адемократиеи Евроеидгылахь амҩеи рзы иҧышәахоит

«Аминистрцәа реиҧылараҿы Молдовеи Қырҭтәылеи рҿы аҭагылазаашьа ҳалацәажәеит, хара имгакәа аҩ-тәылак рҿы зҵакы дуу алхрақәа мҩаҧысуеит», — иҳәеит Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак  Жозеп Боррель апресс-конференциаҿы.

Боррель игәаанагарала, имҩаҧысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа Қырҭтәылазы зҵакы дуу ҧышәахоит.

Жозеп Боррель ишазгәеиҭаз ала,  Урыстәыла аҟынтә ақәыҕәҕәара иахьыҧшымкәа, Молдова евроинтеграциа апроцессаҿ апрогресс ду амоуп.

«Ҳара ибзианы иаабоит Урыстәыла алхратә процесс иаҧырхагахар ишаҭаху. Ҳара Молдова аиҳабыра рҽазышәара ахә ҳшьоит, рыдгылара наҳагӡоит.   Қырҭтәылаҿ аҭагылазаашьа еицәоуп.  Аҵыхәтәантәи аамҭазы анапхгаратә партиа алидерцәа иҟарҵо ашьаҿақәеи, аҳәамҭақәеи, алхраҧхьатәи ақәыргәыҕрақәеи  рымшала,  ари атәыла европатәи амҩа иацәыхарахоит. Убри азоуп Евроеидгыла алалара апроцесс заанкылоу.  Европатәи афинансыркра иазкны Акомиссиа иаднакылаз аӡбарақәа аадыруеит. Апарламенттә алхрақәа ҳрызҧшып, арҭ алхрақәа Қырҭтәыла адемократиеи Евроеидгылахь амҩеи рзы иҧышәахоит», — иҳәеит Боррель.