Жозеп Боррель – Акандидат астатус змоу атәылақәеи Евроеидгылеи аҭоурыхтә алшара рымоуп иаҳа идуу, иаҳа иҕәҕәоу Евроеидгыла аҧҵаразы
Жозеп Боррель – Акандидат астатус змоу атәылақәеи Евроеидгылеи аҭоурыхтә алшара рымоуп иаҳа идуу, иаҳа иҕәҕәоу Евроеидгыла аҧҵаразы

«Акандидат астатус змоу атәылақәеи Евроеидгылеи аҭоурыхтә алшара рымоуп иаҳа идуу, иаҳа иҕәҕәоу Евроеидгыла аҧҵаразы», —  иануп Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак   Жозеп Боррель иҳәамҭаҿы. Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Евроеидгыла арҭбаара  20 шықәсатәи аиубилеи инамаданы.

«20 шықәса раҧхьа европатәи аҭаацәарашҟа аҿыц алахәылацәа рыдыркылеит, ари ашьаҿа Европа зегьы еиднакылеит, усҟан зегьы реиҳа зымҽхак дууз арҭбаара мҩаҧган.  Уи ауааҧсыра зегьы рзы  мышхәыбзазареи, аҭынчреи, ахақәиҭреи, аҭышәынтәалареи  иазықәҧоз аконтинент атәылақәа реидҵара акәын.  Аконтинент аидҵара иазку ҳусура макьана ихыркәшам. Уи  2022 шықәсанӡагьы иаҳдыруан, аха, Урыстәыла Украина иаҿагыланы имҩаҧнаго агрессиатә аибашьраан уи иаҳа еиҕьны еилаҳкааит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы миллионҩыла европауаа европатәи апроект иалахәызар шырҭаху аадырҧшит», — иануп Боррель иҳәамҭаҿы.

Боррель иҳәамҭала, акандидат астатус змоу атәылақәеи Евроеидгылеи аҭоурыхтә алшара рымоуп иаҳа идуу, иаҳа иҕәҕәоу Евроеидгыла аҧҵаразы.

«Мраҭашәаратә Балканқәеи, Ҭырқәтәылеи, Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи аҭоурыхтә алшара рымоуп рҧеиҧш Евроеидгыла иадырҳәаларц.  Акандидат астатус змоу атәылақәа рхатә демократиатә институтқәа дырҕәҕәароуп, ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчалароуп. Евроеидгылагьы уаҵәтәи аидгылазы аҽазыҟанаҵоит. Ҳара иаҳа идуу, иаҳа иҕәҕәоу, адунеи зехьынџьара азеиҧш принципқәа рыхьчара зылшо  Евроеидгыла аҧаҳҵар ҳҭахуп.   Акандидат астатус змоу атәылақәеи Евроеидгылеи аҭоурыхтә алшара рымоуп иаҳа идуу, иаҳа иҕәҕәоу Евроеидгыла аҧҵаразы», — иануп Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак иҳәамҭаҿы.