Жозеп Боррель - 2008 шықәсатәи нанҳәатәи аибашьра ҟалеижьҭеи 16 шықәса ҵит, Қырҭтәыла аимак ҭынч мҩала аҭыԥқәҵара иадҳәаланы Евроеидгыла апозициа ԥсаххом
Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Еврокомиссиа вице-ахада Жозеп Боррель нанҳәатәи́ аибашьра ҟалеижьҭеи 16 шықәса ҵра инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Боррель иҟаиҵаз аҳәамҭаҿ ишану ала, Қырҭтәыла аимак ҭынч мҩала аҭыԥқәҵара иадҳәаланы Евроеидгыла апозициа ԥсаххом
„2008 шықәса нанҳәаа 7 рзы Урыстылеи ыртылеи рыбжьара аибашьра ҟалеижьҭеи 16 шықәса ҵит, Қырҭтәыла аимак ҭынч мҩала аҭыԥқәҵара иадҳәаланы Евроеидгыла апозициа ԥсаххом.
Аԥсни Аладатәи Уаԥстәылеи импыҵахалоу арегионқәа рҿы урыстәылатәи арратә базақәа рыҟазаара ҳаҿагылоит, ари жәларбжьаратәи зин еиланагоит, 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы фпунктк рыла ишьақәгылоу аиқәшаҳаҭрала Урыстәыла агаз ахыдҵақәа рынамгӡароуп. Қырҭтәыла аимак ала азарал зауз ауааԥсыра рзинқәа реилагара нагӡоит, лымкаала “абордеризациеи”, оужьратә пунктқәа рыркреи, урыстәылатәи аруаа имҩаԥырго изакәаным аанкыларақәеи рыла.
Аимак ҭынч мҩала аҭыԥқәҵара ҳадгылоит, ари аус аҿы алагала ду рымоуп GID-и EUMM-и. Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа рылахәылацәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы иаганқәа ирыбжьарҵаз фпунктк рыла ишьақәгылоу аиқәшаҳаҭра анагӡара иахылаԥшырц.
Евроеидгыла Қырҭтәыла ахьыԥшымреи, асуверенитети, атерриториатә акзаареи адгылоит”, – иануп Боррель иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.