Жозеф Боррель - Қырҭтәыла европатәи аперсиектива ӷәӷәа амоуп, иҟаҵатәу акоуп - ареформақәа аус рыдулара нагӡатәуп
Қырҭтәыла европатәи аперсиектива ӷәӷәа амоуп, иҟаҵатәу акоуп – ареформақәа аус рыдулара нагӡатәуп, – иҳәеи Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рмаҵзура анапхгаҩы Молдова имҩаҧысуа Европатәи аполитикатә аидҵара (EPC) аҩбатәи асаммит иалагаанӡа.
Боррель даҽазнык иазгәеиҭеит Қырҭтәыла европатәи аперспектива Европа аган аҟынтә адгылара шамоу.
„Украина аҳәаа ааигәара асҟак алидерцәа иахьа абра ахьеизаз, ҳтәылақәа ракзаара иазкә асигнал ауп иаанаго. Қырҭтәыла европатәи аперсиектива ӷәӷәа амоуп, иҟаҵатәу акоуп – ареформақәа аус рыдулара нагӡатәуп, аполитикатә ҭышәынтәалара иҟазароуп. Уажәы аԥеиԥш Қырҭтәыла анапаҿы иҟоуп, аусура нанагӡароуп”, – иҳәеит Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рмаҵзура анапхгаҩы.