Жозеф Боррель - Адәныҟатәи усқәа рминистрцәа рхеилак аилатәараҿ Қырҭтәыла ҳахцәажәоит, аперспективақәеи ашәарҭадаратә ҭагылазаашьеи ҳрыхәаԥшуеит
Евроеидгыла иалоу атәылақәа адәныҟатәи усқәа рминистрцәа рхеилак аилатәараҿ Қырҭтәыла ҳахцәажәоит, аперспективақәеи ашәарҭадаратә ҭагылазаашьеи ҳрыхәаԥшуеит, – иҳәеит адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеф Боррель.
Боррель иажәақәа рыла, иахьатәи амш Қырҭтәыла азҵаара ахцәажәаразы ихадоу мшуп.
„Адәныҟатәи усқәа рминистрцәа рхеилак аилатәараҿ Қырҭтәыла ҳахцәажәоит, аперспективақәеи ашәарҭадаратә ҭагылазаашьеи ҳрыхәаԥшуеит. Қырҭтәыла ҳара ҳзы ақак ду змоу тәылоуп. Ари атәыла ашәарҭадара аспецификатә зҵаарақәа амоуп, ари иаҳхамшҭроуп, ари атәыла атерриториақәа импыҵахалоуп, иахьатәи амш Қырҭтәыла азҵаара ахцәажәаразы ихадоу мшуп“, – иҳәеит Боррель.