Жәларбжьаратәи атомтә агентра анапхгаҩы иҳәамҭала, Бушер иҟоу ирантәи атомтә станциа аахара арегионалтә катастрофа ахылҵыр ауеит
Жәларбжьаратәи атомтә агентра анапхгаҩы иҳәамҭала, Бушер иҟоу ирантәи атомтә станциа аахара арегионалтә катастрофа ахылҵыр ауеит.
Рафаель Гросси ишазгәеиҭаз ала, аимак алагара инаркны иахьанӡа, арадиациатә аҿкаара факткгьы иҟамызт.
«Арегион атәылақәа исыдҵаалеит, дара даараӡа игәамҵуеит. Сара еилыкка исҳәар сҭахуп: Бушер иҟоу ирантәи атомтә станциа иажәылар, ишиашо аахара арадиациа ацәцара ду ахылҵыр ауеит», — иҳәеит Рафаель Гросси ЕАР Ашәарҭадара ахеилак аилатәараҿы.