Жәларбжьаратәи ареспубликатә институт (IRI) ажәлар ргәаанагара аҭҵаара алҵшәақәа цәырнагеит
Жәларбжьаратәи ареспубликатә институт (IRI) ажәлар ргәаанагара аҭҵаара алҵшәақәа цәырнагеит. Аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, ауааҧсыра реиҳара Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалара иадгылоит. Иара убас, апресс-релиз ишану ала, ауааҧсыра реиҳара атәылаҿ Урыстәыла атәылауаа рыҟазаара иаргәамҵуеит, аполитикатәи партиақәа рыгәра ргом.
Изызҵааз рҟынтә 85% Қырҭтәыла европатәи аҽазышәарақәа ирықәшаҳаҭуп.
Аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, ауааҧсыра реиҳара аполитикатә партиақәа рыгәра ргом. Ареспондентцәа 15% мацароуп аполитикатә партиақәа рыгәра ҳгоит ҳәа зҳәаз, 42% ишырҳәаз ала, ринтересқәа аазырҧшуа аполитикатә партиакгьы иҟам.
IRI адыррала, аҭҵаарақәа мҩаҧган 2022 шықәса цәыббра 13 инаркны жьҭаара 2-нӡа. Адыррақәа еизган хазхаҭалатәи аинтервиуқәа рыла. Аҭҵаарақәа ирылахәын зықәра наӡоу 1500ҩык ареспондентцәа.
Аҭҵаарақәа рымҩаҧгара иацхрааит Жәларбжьаратәи аҿиаразы америкатә агентра.