Жәларбжьаратәи АИХ шәамахьтәылатәи атҟәацәа рыҧсадгьылахь рырхынҳәра апроцесс аҿы Қырҭтәыла инанагӡаз ароль иазкны
Жәларбжьаратәи АИХ шәамахьтәылатәи атҟәацәа рыҧсадгьылахь рырхынҳәра апроцесс аҿы Қырҭтәыла инанагӡаз ароль иазкны

Жәларбжьаратәи АИХ шәамахьтәылатәи атҟәацәа рыҧсадгьылахь рырхынҳәра апроцесс аҿы Қырҭтәыла инанагӡаз ароль иахцәажәоит.  Нидерланды иҟоу аинтернет-ресурс «commonspace.eu»  аанацҳаит Шәамахьтәылеи Азербаиџьани,  иуадаҩыз адипломатиатә аиҿцәажәарақәа рыла, ақырҭуеи америкатәи дипломатцәа рҽалархәра ала,  агуманитартә «аиҭныҧсахлара» мҩаҧыргеит ҳәа. Абри апроцесс абзоурала, 15ҩык ашәамахь атҟәацәа рыҧсадгьылахь ихынҳәит, убри ацынхәрас, азербаиџьантәи аган, Агдамтәи араион аҿы  аминақәа ахьышьҭоу аҭыҧқәа рыхсаала роуит  (97 нызқь цыра аминақәа).

Афранцыз ҭыжьымҭа  Le Figaro,  ишану ала, Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ибжьацәажәара ала,  Азербаиџьан Шәамахьтәылантә аиуит аминақәа ахьышьҭоу аҭыҧқәа рыхсаала, уи ацынхәрас, 15ҩык ашәамахь атҟәацәа рыҧсадгьылахь ихынҳәит.

Аиспан ресурс  «europapress.es»  аҿы аларҵәара аиуит Азербаиџьан Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа. Уаҟа ишану ала, Бақәа,  абри акциа анагӡараҿы  Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили дызхагылоу аиҳабыра рҟынтә ироуз ацхыраара ахә ршьоит.

Шведтәи  «Svenska Dagbladet» ишану ала, Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рыбжьара   «аиҭныҧсахлара» мҩаҧган Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили имҩаҧигаз аиҿцәажәарақәа рыбзоурала.

Абри ахҭыс иалацәажәеит польшатәи аҭыжьымҭа  polskie radio25, wnp.pl, aktualnosci24, Tvn24 и Kresy.pl ,  иара убас, аҭырқәа интернет-ҭыжьымҭа  Hurriyet.com,  аргентинатәи агазеҭ  «La Nacion» , убас егьырҭгьы.