"Жәларбжьаратәи аартызаара - Қырҭтәыла” Антикоррупциатә биуро аӡбара иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Иҳәынҭқарратәым еиҿкаара “Жәларбжьаратәи аартызаара – Қырҭтәыла” Антикоррупциатә биуро аӡбара иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.
Аиҿкаара аҳәамҭаҿ ишану ала, ари аӡбара анаԥшратә еиҿкаара аусзура аԥырхагахара ауп хықәкыс иамоу.
“Аихқәа аладырҵәаз адырра аҟынтә ишеилаҳкааз ала, Антикоррупциатә биуро “Жәларбжьаратәи аартызаареи” уи анагӡаратә директор Ека Гигаурии алхратә хықәкы змоу асубиектцәас рыларҳәан, “Атәылауаа рполитикатә еидҵара иазку” азакәан инақәыршәаны иҟоу аԥкрақәа рзышьақәдыргылоит. Ари аӡбара иазку адокумент аиҿаареи Ека Гигаурии макьана рмоуӡацт.
Қырҭтәыла Антикоррупциатә биуро аӡбара аиуристтәи афакттәи шьаҭа амам. “Жәларбжьаратәи аартызаареи” Ека Гигаурии Қырҭтәыла европатәи аԥеиԥш гәык ала иазыҟоуп.
Антикоррупциатә биуро аӡбара анҳаулакҵәҟьа уи иашьашәалоу ақәҿыҭра азаҳуеит”, – иануп “Жәларбжьаратәи аартызаара – Қырҭтәыла” аҳәамҭа аҿы.
Антикоррупциатә биуро аӡбара ала, “Жәларбжьаратәи аартызаареи” “Иалх Европеи”, арҭ еиҿкаарақәа рдиректорцәеи рышьаҭакҩцәеи алхратә хықәкы змоу асубиектцәас рыларҳәеит, урҭ “Атәылауаа рполитикатә еидҵара иазку” азакәан инақәыршәаны иҟоу аԥкрақәа рзышьақәдыргылоит