Жәлар рыхьчаҩ иофис – Ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчара аганахаьала иаарҧшу апроблемақәа ӡбахоит аҳәынҭқарра ала иахәҭоу ауснагӡатәқәа рымҩаҧгара ала
Жәлар рыхьчаҩ иофис – Ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчара аганахаьала иаарҧшу апроблемақәа ӡбахоит аҳәынҭқарра ала иахәҭоу ауснагӡатәқәа рымҩаҧгара ала

Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ иофис  ауааҧсыра зегьы Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш рыднаҳәалоит.  Ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчара аганахаьала шықәсык аҩныҵҟала иаарҧшу апроблемақәа  аҳәынҭқарра ала иахәҭоу ауснагӡатәқәа рымҩаҧгарала иӡбахап ҳәа ҳгәыҕәеит, — иануп Жәлар рыхьчаҩ иаппарат аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿы ҷыдала иазгәаҭоуп Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара афактқәа.

«2023шықәсазы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы анырра цәгьа аман ампыҵахалатә мчқәа рыла  Қырҭтәыла атәылауаҩ Ҭамаз Гинтури ишьра афакт.   Қырҭтәыла ҧшьҩык атәылауаа: Давид Башаруии, Гиги Отхозориеи, Арчил Ҭаҭунашвилии,  Иракли Кварацхелиеи зшьыз ауаа уажәгьы ахьырхәра рмоуцт. Абарҭ афактқәа рзы аҭак аҧхықәуп Урыстәылатәи афедерациа», — иануп Жәлар рыхьчаҩ иофис аҳәамҭаҿы.