Жәлар рыхьчаҩ иофис апарламентахь ааҧхьара ҟанаҵеит Аетика азҵаарақәа рзы ахеилак аус адырурц
Жәлар рыхьчаҩ иофис апарламентахь ааҧхьара ҟанаҵеит Аетика азҵаарақәа рзы ахеилак аус адырурц

«Иарбанызаалак аполитикатә дискуссиаҿы, аҭаацәаратә дыргала, ма даҽа дыргак ала зықәра наӡам ахәыҷқәа ралкаара ҟалом, уи дара рпсихо-цәанырратә ҭагылазаашьа иаҧырхагахар ауеит, егьырҭ ахәыҷқәа рыла рзинқәа рыларҟәра ахылҵыр ауеит », — иануп жәлар рыхьчаҩ иаппарат аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿы жәлар рыхьчар иаппарат, аганқәа зегьы, апарламент алахәылацәагьы рахь ааҧхьара ҟанаҵоит аҭакҧхықәра ду аарҧшны,  дара-дара рҭаацәарақәа рылахәылацәа, ҷыдала зықәра наӡам алахәылацәа  ишакәым ала рыхцәажәара иаҟәыҵырц.

«Дарбанызаалак аполитик, ҷыдала апарламент алахәыла, имандат аҳәаақәа ирҭагӡаны,  атәылаҿы ахәыҷы иинтересқәа зыхьчаша, амчыла ахьыҟам аҭагылазаашьа аиқәыршәара дацхраароуп.

Иарбанызаалак аполитикатә дискуссиаҿы, аҭаацәаратә дыргала, ма даҽа дыргак ала зықәра наӡам ахәыҷқәа ралкаара ҟалом, дара рпсихо-цәанырратә ҭагылазаашьа иаҧырхагахар ауеит, егьырҭ ахәыҷқәа рыла рзинқәа рыларҟәра ахылҵыр ауеит.

Иара убас, Қырҭтәыла апарламентахь ааҧхьара ҟаҳҵоит абри аҩыза азҵаарақәа рыҭҵаареи, амониторинги, ақәҿыҭреи амзызла, Аетика азҵаарақәа рзы ахеилак аус адырурц», — иануп аҳәамҭаҿы.