Жәлар рыхьчаҩ – Ҳара иҟаҳҵаз ааҧхьара ашьаҭала Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара иармазеиз аҳасабырба ишану ала,  апарламент  «Аизарақәеи аманифестациақәеи ирызку» азакәанпроект аднамкылароуп

Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ ишиҳәаз ала, дара иҟарҵаз ааҧхьара ашьаҭала Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара ирласӡаны ажәахә армазеит   «Аизарақәеи аманифестациақәеи ирызку» азакәанпроект иаларгалараны иҟоу аҧсахрақәа ирыдҳәаланы. Аиҿкаара алахәылацәа ари азакәанпроект акритика азыруит. Ари аинформациа аланарҵәеит Жәлар рыхьчаҩ иаппарат.

Аппарат адыррала, иахьа аларҵәара зауз аихшьаалаҿы иаартны иазгәаҭоуп зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект адкылара шахәҭам.

«Зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалам. Адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала, аҧсахрақәа рпроект аҿы иазҧхьагәаҭоу аҧкрақәа рзы иарбоу ашьаҭақәа цқьа иҳәаақәҵам, убри аҟынтә, атәыла анапхгара, абарҭ аҧсахрақәа адискриминациатә мзызла рхы иадырхәар рылшоит.

Қырҭтәыла апарламент Европатәи Аиҿкаара иармазеиз аҳасабрыба  иазҧхьагәаҭаны, азакәанпроект рыдрымкылап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иануп аинформациаҿы.